Рогозин: "Роскосмос" амыругақәа ажәхьеит

Уаанӡа аракета-нмҩангаҩ "Союз МС-10" ашьҭыԥырраан авариа ҟалеит, аха аекипаж реиқәырхараз авариатә система аус ауит. Машәыр ҟамлеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik. "Роскосмос" ааглыхратә мыругақәа акыр иқәсхьеит, ҳҿаԥхьа иқәгыло аусдҵақәа макьаназ ишынарыгӡогьы ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит "Роскосмос" ахада Дмитри Рогозин.

"Роскосмос" ааглыхратә мыругақәа акыр иқәсхьеит, ҳҿаԥхьа иқәгыло аусдҵақәа макьаназ ишынарыгӡогьы. Иҿыцу ҳәа иҟоу 13% еиҳам. Аха ауаа аусура иазыхиоуп, аентузиазм рымоуп", - ҳәа еиҭеиҳәоит Рогозин.

Уаанӡагьы Рогозин анаплакы "Роскосмос" аҭагылазаашьа уадаҩ далацәажәахьан. Убас, аракетақәа "Протони" "Ангари " ҭзыжьуа Хруничев ихьӡ зху Ацентр афинанстә уал 111 миллиард мааҭ инаӡоит. "Союзи" "Прогресси" ҭзыжьуа аракета-космостә корпорациа (РКК) "Энергия", 35 миллиард мааҭ ауал ақәуп.