Карачи ақалақьаҿ Китаи Ацҳаражәҳәарҭа иақәлаз ндырҵәеит

Карачи аполициа аиҳабы иҳәеит атеррористцәа "аҽшьҩы имаҟа" ҳәа изышьҭоу шрымӷаз, бџьарлагьы ишеибыҭаз.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 23— Sputnik. Пакистантәи аполициа Китаи Ацҳаражәҳәарҭа иақәлоз атеррористцәа хҩык ҭадырхеит. Атеррористцәеи аполициауааи реиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа аполициа аусзуҩцәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал Geo TV адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Карачи аполициа аиҳабы иҳәеит атеррористцәа "аҽшьҩы имаҟа" ҳәа изышьҭоу шрымӷаз, бџьарла ишеибыҭаз.

Пакистантәи Карачи иҟоу Китаи Ацҳаражәҳәарҭа ааигәара ахысрақәа ҟалеит

Зхаҭара шьақәыргылам атеррористцәа хҩык Пакистан ақалақь дуқәа руак — Карачи иҟоу Китаи Ацҳаражәҳәарҭа ааигәара ахысра иалагеит, агранатақәа ԥыржәеит. Урҭ ирхықәкыз ацҳаражәҳәарҭа ажәлароуп.

Ашаҳаҭцәа ражәақәа рыла, ақәылара иалахәын хҩык иреиҵамкәа. Адипломатиатә миссиа ахьчаҩ – аполициауаҩ урҭ дырҿагылеит.

Аҭыԥ ахь инеиит аполициа рыҟәша ҷыда. Аиҿахысра иахҟьаны иҭахеит ҩыџьа аполициауаа.

Ақәылараз аҭакԥхықәра ахахьы иагеит асепаратисттә гәыԥ "Армия освобождения Белуджистана" (АОБ).