Пакистантәи Карачи иҟоу Китаи Ацҳаражәҳәарҭа ааигәара ахысрақәа ҟалеит

Пакистантәи Карач иҟоу Китаи Ацҳаражәҳәарҭа ааигәара ахысрақәа иҟалаз ирыхҟьаны аполициауаа ҭахеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 23 — Sputnik. Идырым џьоукы Пакистан ақалақь дуқәа руак, Карачи аҿы иҟоу Китаи Ацҳаражәҳәарҭа ааигәара ахысра иалагеит, агранатақәа ԥыржәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал Geo TV адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Ашаҳаҭцәа ражәақәа рыла, ақәылара иалахәын хҩык иреиҵамкәа. Адипломатиатә миссиа ахьчаҩ – аполициауаҩ урҭ дырҿагылеит.

Аҭыԥ ахь инеиит аполициа рыҟәша ҷыда.

Аполициаа ҩыџьа ҭахеит аиҿахысраан. Аӡәы дырхәит.