Ласариаԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсны зҭыжьра иалагаз ашьаҳариа агьама зеиԥшроу
© Sputnik
"Аԥсны иҭҳажьуа аалыҵ ҳадгылароуп, уи зегьы еилыркаауеит, аха аус аҿы ус иҟам. Аџьырмыкьаҿы ирацәоуп Урыстәылантәи ма Ҭырқәтәылантәи иаарго аалыҵқәа, аха ҳтәылаҿы иҭрыжьуа урҭ иреиӷьымзар иреицәам. Аԥсны зҭыжьра иалагаз ашьаҳариа иагьаму гәаҳҭахьеит, уи даара ихаауп. 2015 шықәса раахыс апроект "Зодиак" хылаԥшра аҳҭоит, уи иҭнажьуа аалыҵ ахаҭабзиара аҽшеиҭанамкыц, аханатә ишыҳаракыз еиԥш иаанхоит", - ҳәа азгәалҭеит Ласариаԥҳа.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.