Америкеи Китаи рыбжьара ахәаахәҭратә еиҿагылара Урыстәылаз ифеидахар алшоит

2018 шықәса рзы ахәаахәҭра аганахь ала Америкеи Китаии рыбжьара иҟалаз аибарххара Урыстәылазы алшара ҿыцқәа ахылҿиаар алшоит ҳәа иазиԥхьаӡоит Путин.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 28 — Sputnik. Ахәаахәҭра аганахь ала Америкеи Китаии рыбжьара иҟалаз аибарххара Урыстәылаз хра амоуп иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин афорум "ВТБ Капитала" "Россия зовет!" аҟны иқәгылараан. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара еиуеиԥшым аԥкырақәа ртәы ҳалацәажәоит, адоллартә ԥхьаӡарақәагьы абрахь иналаҵаны. Ҳрылацәажәоит асанкциақәа, аҳазалхратә ԥкырақәа, атарифқәа Китаи аганахь ала. ВТО ахәшьарақәа рыла аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы "атәылақәа 20" иаларгалаз аԥкырақәа ирыхҟьаны адунеитә еилахәаахәҭра 500 миллиард доллар рҟынӡа илаҟәит. Абри ззыҳәан ихәарҭада? Ҳара ҳзы хаҭала уи хра аманы иаабоит", — иҳәеит Путин.

Америка асанкциақәа рцынхәрас Китаи абаџьқәа аланагалоит

Урыстәыла ахада иҳәеит асеиԥштәи аҭагылазаашьаҿ Урыстәыла Китаиҟа амахәыда анашьҭра ишалаго.

"Уаанӡа ЕАШ Китаиҟа иаанашьҭуан амахәыда, уажәшьҭа ҳара инаҳашьҭлоит. Китаитәи ҳҩызцәеи ҳареи ҳаилацәажәеит акәтыжь иара убас егьырҭ атауарқәа жәпакы шырзынаҳашьҭло. Америкаа хатәгәаԥхарала ари аџьырмыкьа мап ацәыркит уҳәар ауеит. Избан? Сара сгәаанагарала упартниорцәа аԥхасҭа рымҭо аус ууазароуп, еиҳа хра зманы иҟоу аусхкқәа ԥшаалатәуп, аус еицулатәуп. Уи зегьы еицырзыфеидоуп. Ганкахьалатәи, аполитикатә ҟазшьа змоу, жәларбжьаратәи азин алагьы изакәаным ауснагӡатәқәа зегьы рзы иҳарамуп", — иҳәеит Урыстәыла ахада.

Аинвестициатә форум "ВТБ Капитала" "Россия зовет!" мҩаԥысит ахаша, абҵара 28 рзы Москва, жәларбжьаратәи ахәаахәҭра Ацентр аҿы. Афорум иахықәкуп акапитал Урыстәылатәи аекономика адыԥхьалара.