Бырзентәыла азеиԥш қәгыларақәа ирылагеит

Ахатәы сектор аусзуҩцәа рзеиԥшмилаҭтә қәгыларақәа ирылагеит Бырзентәыла ахаша, абҵара 28 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 28 — Sputnik. Ахатәы сектор аусзуҩцәа рзанааҭеидгылақәа еиҿыркааз ахатәы сектор аусзуҩцәа рзеиԥшмилаҭтә қәгыларақәа ирылагеит Бырзентәыла ахаша, абҵара 28 рзы. Ақәгылара алахәылацәа дҵаны иқәдыргылоит реиҳа илаҟәу иаку аулафахәы 751 евро рҟны ишьақәдыргыларц, аколлективтә устә еилаӡарақәа аԥырҵарц, ашәахтәқәа ладырҟәырц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ақәгыларақәа ирылахәуп акоммунистцәа рзанааҭеидгылақәа рхаҭарнакцәа.

Афины ақалақь аҟны аус руам аметро, атроллеибусқәа. Автобусқәа аус руеит ашьыжь асааҭ 9 инаркны ахәылбыҽха асааҭ 9 рҟынӡа. Ақәгылара рҽаладырхәит амшынуаа рзанааҭеидгылақәа. Амшынбаӷәазақәа рҟны игыло аӷбақәеи ашхәақәеи рҭыԥ иахысуам. Иара убасгьы иаанкылоуп аихамҩатә еимадарагьы.

Афины аиԥш ақәгыларақәа мҩаԥгахоит атәыла егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы.

Ахатәы сектор аусзуҩцәа рзанааҭеидгылақәа еиҿыркааз ахатәы сектор аусзуҩцәа рзеиԥшмилаҭтә қәгыларақәа ирылагеит Бырзентәыла ахаша, абҵара 28 рзы. Ақәгылара алахәылацәа дҵаны иқәдыргылоит реиҳа илаҟәу иаку аулафахәы 751 евро рҟны ишьақәдыргыларц, аколлективтә устә еилаӡарақәа аԥырҵарц, ашәахтәқәа ладырҟәырц, иара убасгьы атәанчахәқәеи альготақәеи шыҟоу иаанрыжьырц.

"Ауаажәларреи аекономикеи анырра бааԥс рызҭо аскетизм, аӷарра, аччиара рполитика аанкылатәуп", — ҳәа аҳәоит азанааҭеидгылақәа рҳәамҭаҿ.