Путини Ердогани Шьамтәыла иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит

Урыстәыла ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердогани ҭелла еицәажәеит ахаша, абҵара 28 рзы. Аицәажәараан иалацәажәан Шьамтәылатәи аҭагылазаашьа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 28 — Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла ахада Реджеп Таип Ердогани ҭелла реицәажәараан иазааҭгылеит Шьамтәыла иҟоу аҭагылазаашьа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ердоган Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи Шьамтәыла русеицура хра аманы ибоит

Аҳәынҭқаррақәа рхадацәа еибырҳәеит Идлиб аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара аҽазышәара шхымԥадатәиу.

"Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ аҭагылазаашьа иалацәажәан. Иазгәаҭан Шәача, цәыббра 17 рзы анапы зҵаҩыз, Идлиб аҭагылазаашьа аҭышәныртәалараз Амеморандум анагӡара аус шадулатәу, анагӡара шахәҭо. Иара убасгьы иазгәаҭан шьамтәылабжьаратә диалог амҩаԥгаразы Астанатәи апроцесс алахәыла тәылақәа русура" ҳәаа ҳәоит адырраҭараҿы.

Уи адагьы ирзааҭгылан урыстәыла-ҭырқәтәылатәи аусеицура аспектқәаки абҵара 19 рзы Стамбул атәылақәа рыҩба рхадацәа реиԥылара алкаақәеи.