Арадио

Қацәба: Липецктәи асахьаҭыхратә школ аусзуҩцәеи ҳареи ҳаимадара иаҳнаҭо рацәоуп

Липецктәи асахьаҭыхратә школ ацәыргақәҵатә зал аҿы иаатит ахәыҷтәы студиа "Аинар" аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи русумҭақәа рцәыргақәҵа, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз асахьаҭыхыҩ, ахәыҷтәы арҿиаратә ҩны "Аинар" аиҳабы Витали Қацәба.
Sputnik
Қацәба: Липецктәи асахьаҭыхратә школ аусзуҩцәеи ҳареи ҳаимадара иаҳнаҭо рацәоуп

"Араҟа ицәыргақәҵоуп 60 инареиҳаны аусумҭақәа. Акыр шықәса ҵуеит Суриков ихьӡ зху Липецктәи асахьаҭыхратә школ аусзуҩцәеи ҳареи аимадара ҳабжьоижьҭеи. Ҽаангьы ҳаплан аҿы иарбоуп Липецкынтәи ахәыҷқәа Аԥсныҟа раара. Ҳусеицура иаҳнаҭо маҷӡам, рҟазара иаҵоу амаӡақәа уҳәа, ҳаиҭанеиааира алҵшәа бзиа амоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Қацәба. 

Инарҭбаау ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.