Шәача ихыҵыз аӡы амҩа ықәнаӡәӡәеит

Ақәаршҩы ӷәӷәа иахҟьаны Шәача зыҭра ихыҵыз аӡиас Псезуапсе амҩақәа ықәнаӡәӡәеит
Sputnik

АҞӘА, абҵара 29– Sputnik. Шәача аҳабла Лазаревское аҿы аӡиас Псезуапсе амҩа Днепровскаиа ахәҭак ықәнаӡәӡәааит ҳәа аанацҳауеит "Макс-Портал".

Ақалақь аҿы ақәоура ишаҿыц иаҿуп.

Уаанӡа аметеорологцәа адырра ҟарҵахьан Шәача иахьаҵанакуа ақәоура ӷәӷәа ҟалоит, аԥшасра аҵаны ҳәа. Иара убасгьы иазгәаҭан амшынцәқәырԥара 4 баллк рҟынӡа шыҟалоз.

Асиноптикцәа ишырҳәо ала амшцәгьа абҵара 29 ахәылбыҽханӡа ишыҟац иаанхоит.

АҶА аусзуҩцәа ауааԥсыра рахь адырра ҟарҵоит аӡқәа рааигәара аԥсшьара рҽацәхьаркырц, автомашьынақәа аҵлақәа, аӡыргаратә баннер дуқәа рыҵаҟа иаанырмыжьларц.