Арадио

Шәманиа "Тҟәарчал Fest" иазкны: ахәыҷқәа агәаҵԥыҳәара аадырԥшит

Абҵарамза 30 рзы Тҟәарчал имҩаԥгахоит авокалтә еицлабра "Тҟәарчал Fest" абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы аконкурс аиҿкааҩцәа ируаӡәку, ашәаҳәаҩ Џьимми Шәманиа.
Sputnik
Шәманиа "Тҟәарчал Fest" иазкны: ахәыҷқәа агәаҵԥыҳәара аадырԥшит

"Еснагь сгәы снархьуан Тҟәарчал имаҷны арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуаз. Ирацәоуп уа абаҩхатәра злоу ахәыҷкәа. Ашәаҳәаҩ Авто Конџьариа днасывагылан, еиҿаҳкааит аконкурс. Алԥшаарақәа анымҩаԥысуаз аҽны ҳақәгәыӷуамызт ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара рацәахоит ҳәа. Тҟәарчалҟа инеит Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа ақыҭақәа  рҟнытә аҿарацәа, уи даара ҳгәы иаахәеит. 35-ҩык рҟнытә иалаҳхит 25-ҩык ахәыҷқәа. Мызкы иалагӡаны ахәыҷы аконцерт иазыҟаҵара имариоу усым, аха ҳҽазаҳшәоит", - ҳәа азгәеиҭеит Шәманиа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Инарҭбаан ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>