Аԥснытәи ҭагалан: аԥсабарасахьа, ахҭысқәа, ауаа

Sputnik

Ҭагалан Аԥсны акырӡа ибеиан еиуеиԥшым ахҭысқәа рыла. Аԥсны Аиааиреи ахьыԥшымреи 25 шықәса ахыҵра азгәаҭан, аҽаҩраҭагалара аныҳәа Лыхнашҭа имҩаԥган, иара убас ирацәан акультуратә хҭысқәа.

1 / 13
Аҵарашықәс ҿыц иалагеит асабша, цәыббра 1 азы. Сынтәа раԥхьатәи аҵәҵәабжьы 2500-ҩык ахәыҷқәа рзы.
2 / 13
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿ иҭахеит 3,5 нызқьҩык инареиҳаны, хә-нызқьҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит. Ҩышәҩык хабарда ибжьаӡит.
3 / 13
Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса рхыҵра иазку Аиааира апарад иалахәын 1,5-нызқьҩык рҟынӡа аруааи шәкы инареиҳаны арратә техникеи, ахархәара рыҭоуп авертолетқәа МИ-8, МИ-24, ажәыларатә ҳаирпланқәа Л-39.
4 / 13
Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса анырхыҵуа амш аҽны ареспубликаҿы имҩаԥган еиуеиԥшым агәалашәаратә уснагӡатәқәа.
5 / 13
Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк агәалашәаратә монета "Аҧснытәи аҳәынҭқакрратә университет – 85" аикәшараҟны ахархәаразы иҭнажьит.
6 / 13
абҵара 15 рзы Аҳәынҭқарратә Аҿартә театр актиорцәа Аԥсуа драматә театр аҟны еизеит аспектакль "Амцҳәаҩ даҭахуп" ддырбарц. Дара ахыбрахь инармышьҭит. Аҿагыларатә акциа ҩымш имҩаԥысуеит. Аҿартә театр актиорцәа ирыдыргалеит ашәахьеи ахәашеи рыла Аԥсуа драматә театр аҟны иқәгылаларц, аха дара аҩаша, ахаша, мамзаргьы аԥшьаша ақәгыларақәа рымазар рҭахуп.
7 / 13
Жьҭаара 14 рзы Лыхнашҭа имҩаԥысыз аҽаҩраҭагалара аныҳәа иалахәын Гәдоуҭа араион ақыҭақәа 20 инареиҳаны.
8 / 13
Мықәашҭа аҽырыҩра мҩаԥысуан аа-дистанциак рыла.
9 / 13
"Аҟәатәи аҩра" ас азҿлымҳара бзиа амоуп
10 / 13
Аҽаҩраҭагалара ахыркәшара аныҳәа есышықәса Лыхнашҭа имҩаԥыргоит. Ари аҽны имҩаԥысуеит аҽырыҩрақәа, аҽырхәмаррақәа, авокалтә-инструменталтә ансамбльқәа рҟазара аадырԥшуеит. Амилаҭ чысқәа иара абра ауаа рыла ишабо иҟарҵоит.
11 / 13
Аԥсны ҭагалан ажь иаамҭаны иԥхьаӡоуп. Аԥсуа қыҭақәа рҟны иубар улшоит еиқәаҵәаҳҳараӡа иҟалахьоу ажьыргәыцқәа ишрылырхуа еилаччо аҩы.
12 / 13
Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәлиа амҩатә машәыр аҟны дҭахеит цәыббрамза 8 рзы, асабша ауха, аиҳабыра рмашьынақәа еишьҭагыланы Шәачатәи аҳаирбаӷәазантә Аҟәаҟа ишаауаз. Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәлиа иԥсҭазаара далҵит 71 шықәса дшырҭагылаз.
13 / 13
Аԥсныҟа иааит аԥсшьаҩцәа мҩаԥызгоз аретро-поезд "Золотой орел"