Арадио

Шамба еиҭеиҳәеит амшцәгьа иахҟьаны аӡиас Ааԥсҭа иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы

Абгархықә ақыҭа ахада Роник Шамба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит абҵара 29 аҽны иҟаз амшцәгьа иахҟьаны аӡиас Ааԥсҭа иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы.
Sputnik
Шамба еиҭеиҳәеит амшцәгьа иахҟьаны аӡиас Ааԥсҭа иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы

"30 шықәса ҵуеит Абгархықә абас еиԥш Ааԥсҭа хыҵны иҳамбеижьҭеи. Ақыҭа Аацы иахьаду цәгьала аԥхасҭа рацәаны иҟанаҵеит. Уи аԥхьа ианхыҵ амхқәа агеит, аҩнқәа ирзааигәахеит, зыҩнаҭа иҩналазгьы дубап. Уажәы ҩымш ақәа илеиуаз иахҟьаны афымцатә шьаҟақәа аӡы иагеит. Афымца аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа уи аҽны ихацыркын, аха макьана ихыркәшам", - ҳәа азгәеиҭеит Шамба.

Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.