Шьамтәыла ахимиатә бџьар ахархәара иақәыӡбоит

Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иран Шьамтәыла аганахь ала Астана имҩаԥысуаз аиԥылараҿ Шьамтәыла ахимиатә бџьар ахархәара ахьамоу иақәыӡбеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 30 — Sputnik. Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иран Шьамтәыла аганахь ала Астана имҩаԥысуаз аиԥылараҿ Шьамтәыла ахимиатә бџьар ахархәара ахьамоу иақәыӡбеит, ахимиатә бџьар ахархәара азин ҟазымҵо Аиҿкаара адҵа адҟарҵалеит апрофессионалтә ҭҵаара мҩаԥнагарц. Абри атәы аҳәоит Астана имҩаԥысуаз 11-тәи жәларбжьаратәи аиԥылара ахыркәшаратә ҳәамҭаҿ ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Шьамтәыла ахимиатә бџьар ахархәара ахьамоу ҳақәыӡбоит, ахимиатә бџьар ахархәара азин ҟазымҵо Аиҿкаара, компетенттә органк аҳасаб ала адҵа адҟаҳҵалоит апрофессионалтә ҭҵаара мҩаԥнагарц, ахимиатә бџьар аус адулареи, аҭыжьреи, ахархәареи рзин ҟазымҵо аконвенциа инақәыршәаны", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Ҟазахстан аҳҭнықалақь Астана абҵара 28-29 рзы имҩаԥысит шьамтәылатәи аимак аҭышәныртәалараз аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд.