Арадио

Ҳагба: Қырҭтәыла Аԥсны аганахьала иааҟарҵо зегьы гьангьашроуп

Аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Беслан Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны ахҳәаа азыҟаиҵеит Қырҭтәыла ахадас иалхыу Саломе Зурабишвили изныкымкәа лықәгыларақәа рҿы иазгәалҭоз Аԥсны азырхынҳәра алыршахоит абзиабара аарԥшрала ҳәа.
Sputnik
Ҳагба: Қырҭтәыла Аԥсны аганахьала иааҟарҵо зегьы гьангьашроуп

"Қырҭтәыла аполитикатә процессқәа имҩаԥысуа зегьы еиԥшуп. Аԥсныи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьаҿы жәыларак ҟаҵаны Аԥсны рымпыҵархалоит ҳәа ауадаҩрақәа ыҟаӡам. Дара политикалеи дипломатиалеи идырхынҳәуеит ҳәа иаҿуп. Уи гьангьашроуп уаҳа акгьы. Қырҭтәыла Аконституциа иануп Аԥсны Қырҭтәыла иадҳәалоуп ҳәа, инеиуазаалакгьы Аконституциа днавсны, еинышәарала аполитика мҩаԥыргоит ҳәа сгәы иаанагом", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.  

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.