Баиконур ишьақәырӷәӷәоуп МКС ахь иԥыруа аекипажқәа

Аракета "Союз-ФГ" акосмос ӷба "Союз МС-11" рыԥырра азыԥхьагәаҭоуп ԥхынҷкәын 3 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. Баиконур аҿы аҳәынҭқарратә комиссиа ишьақәнарӷәӷәеит "Союз МС-11" аекипаж хада, ԥхынҷкәын 3 рзы Жәларбжьаратәи акосмостә станциахь иԥырраны иҟоу. Абри аанацҳаит РИА Новости.

Аекипаж хада иалахәылоуп: урыстәылатәи акосмонавт Олег Кононенко, канадатәи астронавт Давид Сен-Жак, америкатәи астронавт Енн Шарлотт Макклеин. Адублиажтә екипаж иалахәуп: "Роскосмос" акосмонавт Александр Скворцов, ESA астронавт Лука Пармитано, НАСА астронавт Ендрю Морган.

Аракета "Союз-ФГ" акосмос ӷба "Союз МС-11" рыԥырра азыԥхьагәаҭоуп ԥхынҷкәын 3 рзы.

Аԥхьа аракета аԥырра азыԥхьагәаҭан ԥхынҷкәын 20 рзы, аха жьҭаарамзазы "Союз МС-10" авариа иананиа ашьҭахь аҿҳәара еиҭакын.

Ажәабатәи "Союз" — аекипаж, акосмонавт Алексеи Овчинини америкатәи астронавт Ник Хеиги ианышьҭыԥр ашьҭахь 20 минуҭ ааҵуаны адгьыл ахь ихынҳәыр акәхеит.