Лавров Москвеи Вашингтони рдиалог ахәшьара аиҭеит

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иазгәеиҭеит Урыстәыла шазыхио Москвеи Вашингтони рдиалог аҭышәныртәалара, уи америкатәи рколлегацәа азыхианы иҟалар.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3– Sputnik. Урыстәыла азыхиоуп Москвеи Вашингтони рдиалог аҭышәныртәалара, уи америкатәи рколлегацәа азыхианы иҟалар, иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров апрограмма "Москва. Кремль. Путин" азы "России-1 аинтервиу анеиҭоз.

"Америка ахада амилаҭтә шәарҭадараз ихаҭыԥуаҩ Џьон Болтон адәныҟатәи аусқәа рзы Урыстәыла ахада ицхырааҩ Иури Ушаков иахь ихы нарханы иҳәеит америкаа адиалог ахиҭахацыркреи аҭышәныртәалареи шырҭаху. Уи аҭакс аминистр иҳәеит "ҳколлегацәа шазыхиахалак ҳаргьы ҳахиахоит", - иҳәеит.

"Аҩажәаҩык" реиԥылараҿ ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Маико Помпео иԥылара мҩаԥысма ҳәа азҵаара аҭакс Лавров иҳәеит "мап" ҳәа.

"Аиашаз ара дыҟоу дыҟамугьы сыздырам", - иҳәеит иара.