"Афорум зықьҩык инареиҳаны аделегатцәа алахәын Урыстәыла аҳәаақәа рҟынтәи еиԥш атәым ҳәынҭқаррақәа ҩажәа инарзынаԥшуа рхаҭарнакцәагьы. Иара убас ааԥхьара рыман шәҩык инареиҳаны аекспертцәа. Уажәшьҭа фынтәны имҩаԥырго афорум лозунгс иаман "Арҿиаратә дгьылҵакыра". Сара сзы аҵара аганахьала мацара арҿиара акәӡам иаанаго аҳәынҭқаррақәа ганрацәалатәи реизыҟазаашьақәа рыҿиара аҵанакуеит. Амедиа инаркны аспорт аҟынӡа асекциақәа ыҟан. Афорум Аԥснынтәи иалахәыз иалҳхит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа. Уаҟа адунеи аҿы иглобалтәу азҵаарақәа ирылацәажәон. Аофициалтә хәҭа анаҩс иҟан акультуратә программагьы, аделегатцәа еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи ҳаицәажәартә алшара ҳаман. Ҳатрадициақәа даара ирызҿлымҳан егьырҭ атәылақәа рҟынтәи аделегатцәа", - лҳәеит Маланиаԥҳа.
Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.