Арадио

Џьапуа: аҵарауаа адҵа рымазароуп, русура аҳәынҭқарра шьаҭас иаиуроуп

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа арадио Sputnik аҟны далацәажәеит академиа аусура шибо атәы.
Sputnik
Џьапуа: аҵарауаа адҵа рымазароуп, русура аҳәынҭқарра шьаҭас иаиуроуп

"Иахьазы академиа аиҿкаараҟны ҩаӡара бзиак ахь ҳааихьеит уҳәар алшоит. Ихадароуп академиа ҳҳәынҭқарразы ишьаҭаны, адырра ҿыцқәа аԥнаҵозар, ус еиԥш адыррақәа аныҟам аҳәынҭқарра ахырхарҭақәа хара изцаӡом. Ҳҳәынҭқарратә структурақәа шьҭа ираҳауа ирбо  иалагеит академиа аҵакы, уи аинститутқәа алшарақәа шрымоу. Иуҳәар алшоит ҩ-аамҭак рҟынтәи адыррақәа змоу  аҵарауаа ыҟоуп. Хықәкыс иҳамоуп аҳәынҭқарреи ҳареи ҳаимадара рӷәӷәаны, еиуеиԥшым аминистррақәа аҵарауаа русура, имҩаԥырго аԥшаарақәа, имаҷзаргьы аартрақәак русураҟны шьаҭас иҟалароуп, аҳәынҭқарратә дҵа рыманы аус руазароуп аҵарауаа. Уи анаҩсгьы иҵегьы адҵақәа ҟалар ауеит. Абри аган иҵегьы арӷәӷәара аҭахны исԥхьаӡоит, избанзар уи амҩа ҳақәлеит, аилкаара ҟало иалагеит",- ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.

Абҵара 28 Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа азеиԥш еизараҟны академиа ахадас деиҭалырхит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Зураб Џьапуа. Аԥсны ахада иусԥҟала уи икандидатура шьақәирӷәӷәароуп.

Аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.