Адгьыл ашәарҭара иҭанаргылоит ҳәа агәаанагара ззыҟоу астероид цәырнагеит НАСА

Астероид аҭҵаара рыгәҭакуп шықәсык аҩныҵҟа, акосмостә зонд ԥхьаҟазы аҵарауаа иҭырҵааразы Бенну аҟәырҷахақәа анагалак ашьҭахь.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4— Sputnik. НАСА Twitter аҿы иӡырнагеит Адгьыл азы ишәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡо астероид Бенну аихагьыжьра авидео.

Бенну аихагьыжьра аҭыхра алыршахеит апланетабжьаратә станциа OSIRIS-REx ахархәарала.

Астероид аҭҵаара рыгәҭакуп шықәсык аҩныҵҟа, акосмостә зонд ԥхьаҟазы аҵарауаа иҭырҵааразы Бенну аҟәырҷахақәа анагалак ашьҭахь.

НАСА ишырҳәаз ала OSIRIS-REx Адгьыл ахь ихынҳәыроуп 2023 шықәса, цәыббрамзазы.

500 метра иҟоу акосмостә маҭәар аадыртит Массачусет атехнологиатә институт аҵарауаа. Аҵарауаа ргәаанагарала иара Адгьыл иазааигәахараны иҟоуп 2182 шықәса рзы. 2013 шықәса раахыс Бенну Адгьыл азы реиҳа ишәарҭо асероидны ирыԥхьаӡоит. Уаанӡа ус иԥхьаӡан астероид Апофис.