Габлиа мҽхакы ҭбаала аԥсышәала адиктант азы: ҳбызшәа ӡырнагоит
© Sputnik
"Адиктант аҩразы ахшыҩҵак саҳәшьа исыҵалҳәеит, саргьы сазхәыцуан ишымҩаԥгахо. Иаҳҭахуп Москвеи Аҟәеи имҩаԥаагарц. Уи аԥсшәа здыруа, изҭаху рхы аладырхәыр, абызшәазы иҳамоу ауадаҩра цхыраарак анаҭозар ҳәа ауп. Раԥхьа иргыланы аҿар рзы ауп изыҟаҳҵо. Ас еиԥш адиктант абызшәагьы ӡырнагоит", -ҳәа азгәеиҭеит Габлиа.
Аԥсышәала адиктант аҩразы амш аналххо адырра ҟаҵахоит ҳәа азгәеиҭеит Габлиа.
Аԥсуа бызшәа онлаин дырҵара мҩаԥысуеит мчыбжьык ахь ҩынтә: ҩашалеи хашалеи. Аурокқәа сааҭк ицоит. Акурс иахьазы 18 урок рыла ишьақәгылоуп. Шәаҭаар шәылшоит абри ахьарпш шәықәныҟәаны:«Онлайн-школа абхазского языка «Алашарбага»
Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.