Мадурои Путини реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп

Уаанӡа Евроеидгыла Венесуела аганахь ала асанкциақәа аланагалеит. Арахь иаҵанакуеит ахатәы жәлар арепрессиақәа рыдҟаҵаларазы ахархәара заур алшо абџьар аахәара аембарго ақәҵарагьы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 — Sputnik. Венесуела ахада Николас Мадуро Урыстәылаҟа дыԥрит, иара иажәақәа рыла "аҵак ду змоу аиԥылараз". Мадуроуи Владимир Путини еиԥылараны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара абыржәы Урыстәылаҟа ҳԥыруеит, ҳдипломатиатә еизыҟазаашьақәа еиҳа рырҭбаарази рырӷәӷәарази", - ҳәа иҩуеит Мадуро Twitter аҿы.

Венесуела ахада иазгәеиҭеит Урыстәыла ахадеи иареи реиԥылара шазыԥхьагәаҭо.

"Уаҵәы Владимир Путини сареи ҳаиқәшәараны ҳаҟоуп", — ҳәа иҩуеит Мадуро.

Венесуела ахада жьҭаарамзазы иазгәеиҭеит атәыла аекономикатә хьыԥшымра аиқәыршәара азҵаараҿы Урыстәыла дшақәгәыӷуа. Венесуела акрааҵуеит аекономикатә кризис ыҟан иҟоижьҭеи. Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд азыԥхьагәаҭарақәа рыла 2018 шықәса анҵәамҭазы атәылаҿ аинфлиациа миллион процент инаӡар алшоит.

Николас Мадурои Владимир Путини реиԥылараан ирылацәажәараны иҟоуп ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ҳәа иҳәоит Урыстәыла иҟоу Венесуела Ацҳаражәҳәаҩ Карлос Рафаель Фариа Тортоса.