Арадио

Ҳаразиа Аҟәатәи агәамеизакырҭа азҵааразы: аамҭа аҭахуп

Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа Sputnik акорреспондент лацәажәараҟны иҳәеит аҳҭнықалақь аҟны агәам азҵаара аӡбаразы аамҭа аҭахуп ҳәа.
Sputnik
Ҳаразиа Аҟәатәи агәамеизакырҭа азҵааразы: аамҭа аҭахуп

Алашарбага аҳабла иқәынхо агәам еизакырҭахь уназго ҩымш иркуп амҩа, аҳҭнықалақь аҟынтәи агәам ықәызго амашьынақәа нарышьҭуам.

"Иӡбатәуп, аха ус имариоу зҵаараӡам. Мышкала амҩа аркны, агәам ахьышәҭаху ижәга рҳәеит. Ақалақь аҟны даҽа ҭыԥк ыҟаӡам. Агәам еизакырҭа Асовет Еидгыла ахаан проектны ишьақәдыргылахьан. Уажәы апроект ааԥыхны даҽаџьара, Гәылрыԥшь, Гал ижәга рҳәеит. Уаагьы ауаа нхоит, аӡәгьы иҭахӡам агәам. Аамҭа ҳҭахуп ари азҵаара уадаҩ аӡбаразы. Аҭыԥ ԥшаатәуп ауаа ахьазыразу, иара убасгьы техникала еиқәыршәатәуп. Иахьа ақалақь аҟынтәи хынтә иқәаҳгоит агәам. Иаҳа инахароу аҭыԥ ылххар, уи хкааны, иҭыжааны еиқәыршәатәхоит, агәам ықәызго амашьынақәагьы рхыԥхьаӡара иацлароуп. Агәам аус адызуло азауад Аԥсны абиуџьет зегьы ақәуырӡыргьы иузыҟаҵаӡом. Агәам азҵаара аҵыхәтәанынӡа ирзыӡбом азауадқәа ахьдыргылаз аҳәынҭқаррақәагьы, изибархаӡом азы", -ҳәа азгәеиҭеит Ҳаразиа.