Америкеи Китаии рхадацәа аҩ-тәылак реилахәаахәҭра атәы иалацәажәеит

Уаанӡа Трампи Си Цзиньпини реиҿцәажәара мҩаԥысхьан Аргентина, асаммит G20 аиԥылара ашьҭахь.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 – Spitnik. Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд (МВФ) ахада Кристин Лагард прогрессны илыԥхьаӡоит Дональд Трампи Си Цзиньпини аилахәаахәҭразы реиҿцәажәаар. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Америкеи Китаи рыбжьара ахәаахәҭратә еиҿагылара Урыстәылаз ифеидахар алшоит

"Сара исҳәом дара ирхықәку аилахәаахәҭратә еиқәшаҳаҭра адкылароуп ҳәа, аха иахьа иҟоу аицәажәарагьы прогрессуп. Иахьазы ихадароу аганқәа рыҩбагь иҟоу азҵаарақәа еицеилыркаауа аҟалароуп, реиҿцәажәароуп. Уи уадаҩуп, инагӡаны аилибакааразы аамҭа аҭахуп, аха атәылақәа рыҩбагь рхадацәа уи ада ԥсыхәа шыҟам ахьеилыркаауа угәы ҟанаҵоит", — лҳәеит лара Генри Киссинџьер ихьӡ зху аконгресс абиблиотекаҿы лықәгылараан.

ЕАШи КЖәРи рхадацәа аилахәаахәҭратә еибашьра аамҭала иааныркылеит, аха убри аан еилкаам уаанӡа ирыдкылаз абаџьтә ԥкырақәа ирԥеиԥшхаша.