"Северный поток — 2" австриаа аинтерес ду рзаҵоуп

Уаанӡа Евроеидгылаҿ ирыдгалан "Северный поток — 2" аанкыларазы арезолиуциа апроект.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5— Sputnik. Австриа амилаҭтә еизара аиҳабы Вольфганг Соботка аҳәамҭа ҟаиҵеит апроект "Северный поток-2" анагӡара Австриа аинтерес ду рзаҵоуп, уи Евроеидгыла ашәарҭадара иацхраауеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Австриа апроект "Северный поток-2" анагӡара аинтерес ду азаҵоуп, уи Евроеидгыла ашәарҭадара иацхраауеит", — иҳәеит иара Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә Думаҿ иқәгылараан.

Апроект "Северный поток-2" иазыԥхьагәанаҭоит 55 миллиард кубометр агаз Урыстәылантәи Балтиатәи амшын аҵала Европаҟа ииазго агазмҩангагақәа ҩба рышьҭаҵара.

Агазмҩангага ашьҭаҵара хыркәшахоит 2019 шықәса анҵәамҭазы.