Путин амилаҭтә политика аԥсахрақәа алеигалоит

2025 шықәсанӡатәи Урыстәыла аҳәынҭқарратә милаҭтә политика Астратегиа аредакциа ҿыц иалагалахоит ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа рылҵшәақәа рырбагақәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин 2025 шықәсанӡатәи Урыстәыла аҳәынҭқарратә милаҭтә политика Астратегиа аредакциа ҿыц иалеигалеит аԥсахрақәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Адокумент аус адырулон амилаҭқәа рус азы Афедералтә маҵзуреи амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәа рзы Ахеилаки.

Дара рҽазыршәеит Астратегиа иахьатәи жәларбжьаратәи амшхәаԥштәзҵаареи, аҩныҵҟаполитикатә процессқәеи, ҳаамҭазтәи ашәарҭарақәеи разыԥхьагәаҭара.

Амилаҭқәа рус азы Афедералтә маҵзура аиҳабы Игор Баринов иажәақәа рыла аредакциа ҿыц иалагалахоит ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа рылҵшәақәа рырбагақәа.