Арадио

Ҳашыг Sputnik Аԥсны азы: еихьӡароуп аԥсуа журналистика аҿиаразы

Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахада, ателеканал "Абаза" адиректор хада Руслан Ҳашыг аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ԥшьышықәса ахыҵра аҽны иазгәеиҭеит еихьӡараны ишибо агентра аартра.
Sputnik
Ҳашыг Sputnik Аԥсны азы: еихьӡароуп аԥсуа журналистика аҿиаразы

"Ари еихьӡароуп, беиароуп аԥсуа журналистика аҿиаразы, ажәабжьқәа рымҽхак арҭбааразы атәыла аҩныҵаҟагьы  аҳәаанырцә ицогьы. Ажәабжьқәа ас рымҽхак, реиқәыршәашьа ыҟаӡамызт ԥшьышықәса раԥхьа. Ари ахҭыс шәыдысныҳәалоит. Шәеихьӡарақәа, шәиааирақәа, Аԥсны ӡырзго, уи иазку ажәабжь хара иназго роуп", - иҳәеит Ҳашыг.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.