Евроеидгыла аӡбрала Британиа иалшоит аидгыла алҵразы азыҳәа архынҳәра

Британиа, ганкахьала иалшоит Евроеидгыла алҵразы аӡбра шьҭахьҟа аргьыжьразы адокумент архынҳәра.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik. Евроеидгыла аӡбрала Британиа иалшоит Brexit алҵразы азыҳәа архынҳәра, иара уи ала алахәыла-тәыла астатус амазаара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Британиа иалшоит Brexit азы азыҳәа архынҳәра, иара уи ала, аконституциатә нормақәа инарықәыршәаны Еиду Акралра алахәыла-тәыла астатус шамоу иаанхоит", — ҳәа аҳәоит Евроеидгыла аӡбамҭа.

Аӡбамҭаҿ иара убасгьы иазгәаҭоуп азыҳәа аҟаҵара шалшо аидгылеи атәыла-лахәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра азинмчра аиуаанӡа ҳәа.

Британиа Евроеидгыла ааннажьраны иҟоуп хәажәкыра 29, 2019 шықәса рзы. Британиа Евроеидгыла алҵразы аиқәшаҳаҭра апроект ӡырган абҵара 14 рзы. Арахь иаҵанакуеит Ирландиа, Гибралтар, Кипр рыԥкаанҵақәагьы.

Абҵара 25 рзы, изаамҭанытәим асаммит аҿы Евроеидгыла алахәыла-тәылақәа 27 ақәшаҳаҭхеит Британиа ЕЕ алҵаразы аиқәышаҳаҭратә проект.