Франциа аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп

Атәылаҿ аҭыԥ змоу аилаҩеиласра инадҳәаланы Франциа аҭагылазаашьа ҷыда аларгалеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 – Sputnik. Франциа ахада Еммануель Макрон аҳәамҭа ҟаиҵеит атәылаҿ аекономикатәи асоциалтәи ҭагылазаашьа ҷыда алагалазарц.

Атәыла ахада асеиԥш аӡбра идикылеит "акьаҿ ҩежьқәа" рықәгылара инадҳәаланы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Франциа ахада дақәыӡбоит ақәгыларақәа раан аҭыԥ змаз ацәгьоурақәа.

Макрон иажәақәа рыла, урҭ ацәгьоурақәа риашашьа рымам.