Ҭырқәтәыла Амшын еиқәаҟны арра-мшынтә база аргылоит

Ҭырқәтәыла Амшын еиқәаҟны 400-ҩык аррамаҵзурауааи 200-ҩык аҟазауааи аус ахьыруша ажәбатәи арра-мшынтә база аргылоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 – Sputnik. Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра Трабзон иахьаҵанакуа Амшын еиқәаҟны 400-ҩык аррамаҵзурауааи 200-ҩык аҟазауааи аус ахьыруша арра-мшынтә база аргылоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал NTV адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ари абаза хыԥхьаӡарала ижәбатәиуп. Иахьазы Ҭырқәтәыла арратә базақәа амоуп: Адгьылбжьаратә мшын аҟны – Мерсине, Искендеруне; Егеитәи амшын аҟны –Акзасе, Фоче; Амармалташьтә мшын аҟны – Гельджиук; Амшын еиқәаҿ – Ерегли; Сҭамԥыл — Чанаккале рҿы.