Страсбург ақалақь агәҭа ахаҵа ахысра ҭеиҵеит: хҩык ҭахеит

Зқьҩыла асасцәа здызыԥхьало ақалақь Қьырсаныҳәатәи аԥсаӡ ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҿы ахаҵа ахысра ҭеиҵеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 — Sputnik. Франциа, Страсбург агәҭа хҩык ауаа ршьит, 12-ҩык ахәрақәа роуит. Урҭ рҟынтәи фҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Страсбург асааҭ 19.50 рзы идырым ахаҵа хҩык ауаа ишьит, жәаҩаҩык ихәит", — ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Франциа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Кристоф Кастанер.

Иҟоу адыррақәа рыла, ихысуаз ахаҵа ааигәа игылаз атакси мҵарсны дыбналеит. Атакси зтәу иажәақәа рыла, ахаҵа дхәын.

"Иҟоу аинформациала ахаҵа дыбналеит. Убри аан иара дхәын. Иаанкыларазы аоперациа Sentinelle мҩаԥызгоз аррамаҵзурауаҩ ахәра ииҭеит", — ҳәа рыҩуеит франциатәи амассатә-информациатә хархәагақәа.

Аҭыԥантәи анапхгара Twitter аҿы ааԥхьара ҟарҵеит амц-жәабыжьқәа рыладмырҵәаларци аҭынчреи ахынкылареи аадырԥшларци. Агазеҭ Figaro ишаҩуа ала ахаҵа ихықәкы еилкаам.

Франциа аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп

France Info аинформациала, аполициа ақалақь агәҭаҟынтә ауаа алыргеит. Ахәышәтәырҭақәа хианы иҟоуп аҭагылазаашьа ҷыда ма атеракт аҭыԥ аиур ацхыраара аҟаҵаразы. Страсбург агәаҿы автобусқәеи атрамваиқәеи рныҟәара аанкылоуп.

Иаркуп Европарламент ахыбра, адепутатцәа адәахьы идәылымҵырц рылаҳәоуп.

Аамҭақәак рышьҭахь ихысуаз ахаҵа ишьҭазҩоз Ноидорф аполициа иаанкылара рҽазыршәеит аха ирықәымҿиеит ҳәа аанацҳауеит апортал Dernieres nouvelles d'Alsace.

Ацәгьоуҩы иаанкылара рҽазыршәоит 350-ҩык аполициауаа, ақалақь иахаԥыруеит авертолиотқәа ҩба.

France Info адыррақәа рыла, ихысуаз ахаҵа аполициа рҿы ишәарҭоу хаҿны асиа данын, иара иганахь ала Франциа еиԥш ФРГ-гьы аполициа азҵаарақәа рыман.

Ахаҵа уаанӡа абџьар ахархәарала ақәылара мҩаԥигахьан. Иус ӡбан. Абри аҽны дааныркылараны дыҟан.

Аусҭҵаара аҽаланархәит Париж апрокуратура атерроризм иаҿагыло аҟәша. Франциа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Кристоф Кастанер Страсбургҟа днеиит. Аԥыза-министр Едуар Филипп аминистррабжьаратә кризистә центр аусура ирцыхцыхуеит иҟоу ашәарҭара инадҳәаланы.

Франциа ахада Еммануель Макрон иҭахаз рҭаацәарақәа дрыдышшылоит.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова Страсбург иҟоу урыстәылауаа рахь ааԥхьара ҟалҵеит ргәы рҽанызарц.