Ҭырқәтәыла акосмостә маҵзура аԥҵоуп

Амаҵзура анапы иануп Ҭырқәтәыла акосмос азы амилаҭтә программа аус адулареи анагӡареи.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13— Sputnik. Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган аусԥҟа ҭижьит Ҭырқәтәыла акосмостә маҵзура аԥҵаразы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аофициалтә ҭыжьымҭа Resmi Gazete адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Атәыла ахада иусбарҭа аӡбарала иаԥҵахоит акосмостә маҵзура", — ҳәа арбоуп аусԥҟаҟны.

Аусԥҟа иҳәаақәнаҵоит аусбарҭа ҿыц аԥҟаԥҵәеи азинмчреи. Амаҵзура иаиуеит ахатәы биуџьет, административтәи афинанстәи усқәа рҟны ахала аӡбрақәа аднакылоит.

Ҭырқәтәыла акосмостә Маҵзура анапы иануп Ҭырқәтәыла акосмос азы амилаҭтә программа аус адулареи анагӡареи, аерокосмостә ааглыхра аҿиара, аҳәынҭқарра ахьӡала акосмос иазку аиқәшаҳаҭрақәа нап рыҵаҩра.