Анкара адәыӷба амҩа иахьаныҵыз арыцҳараан аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа ԥырхага рмоуит

Ԥхынҷкәын 13 рзы Ҭырқәтәыла, ақалақьқәа Анкареи Кониуи ирыбжьаз адәыӷба ласы амҩа иахҟьеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥхынҷкәын 13 рзы Ҭырқәтәыла, ақалақьқәа Анкареи Кониуи ирыбжьаз адәыӷба ласы амҩа иахьаныҵыз иахҟьаз арыцҳараан аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа аӡәгьы ԥырхага имоуит ҳәа Sputnik иазааицҳаит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа.

"Уажәы Анкара сыҟоуп. Иацы сааит. Аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи сареи ҳаиԥылеит. Анцәа иџьшьаны, аԥсуа диаспора рҟынтә аӡәгьы арыцҳара даламшәеит", — иҳәеит иара.

Ԥхынҷкәын 13 рзы Ҭырқәтәыла, ақалақьқәа Анкареи Кониуи ирыбжьаз адәыӷба ласы амҩа иахҟьеит. Арельсқәа ирныҵит авогонқәа хԥа. Иҭахеит жәҩык ауааԥсыра, ахәрақәа роуит 84-ҩык.