Қырҭтәыла ахада ҿыц Урыстәылеи дареи реизыҟазаашьа аҽаԥсахып ҳәа дазыԥшуп

Қырҭтәыла ахада ҿыц Саломе Зурабишьвили Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиз рраунд аихшьаалақәа иҟаиҵаз ахҳәаа алҭеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 — Sputnik. Қырҭтәыла ахада ҿыц Саломе Зурабишьвили агәыӷра лымоуп Урыстәыла Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала апозициа аԥсахып ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥсны Женеватәи аиҿцәажәарақәа рахь инанагеит адокумент ҿыц

"Сара сазыԥшуп Урыстәылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа ԥыҭк аҽаԥсахып ҳәа. Ҳара ҳазыԥшуп Қырҭтәыла агәҭынчымра азҭо азҵаарақәа рганахь ала Урыстәыла аилкаара аанарԥшып ҳәа", — лҳәеит Зурабишьвили ажурналистцәа дрыҿцәажәо.

Абас ала, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиз рраунд аихшьаалақәа аныҟаиҵоз, Қырҭтәыла имҩаԥысыз алхрақәа рышьҭахьгьы Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала Қырҭтәыла ариторика аҽамԥсахӡеит ҳәа ииҳәаз ахҳәаа алҭеит.

Қырҭтәыла ахада ҿыц лҭоубашьҭаҵара мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 16 рзы.

Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 46-тәи рраунд мҩаԥысит ԥхынҷкәын 12 рзы.