Лавров: Амшынеиқәатә регион аҿы аҭагылазаашьа наџьанахеит

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Амшынеиқәатә економикатә усеицураз аиҿкаара асаммит аҿы дықәгыло иҳәеит аиҿкаара аполитикатә еиҿагыларақәа ирҭыԥымхароуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 — Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Амшынеиқәатә економикатә усеицураз аиҿкаара асаммит аҿы дықәгыло иҳәеит аиҿкаара аполитикатә еиҿагыларақәа ирҭыԥымхароуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Угәы унамырхьырц залшом аҵыхәтәантәи аамҭазы Амшынеиқәатә регион аҿы аҭагылазаашьа ахьынаџьанахаз. Ари ахырхарҭа аԥырҟәҟәаатәуп. Амшынеиқәа иаԥну аҵакыра аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, ашәҭыкакаҷреи иррегионны иҟаҵатәуп", — ҳәа иҳәоит Лавров.

Амшынеиқәатә економикатә усеицураз аиҿкаара еиднакылоит 12 тәыла: Азербаиџьан, Албаниа, Ермантәыла, Болгариа, Бырзентәыла, Қырҭтәыла, Молдавиа, Урыстәыла, Румыниа, Сербиа, Ҭырқәтәыла, Украина. Ирацәоуп аҳәынҭқаррақәеи жәларбжьаратәи аилазаарақәеи аиҿкаараҿы анаԥшҩы истатус зманы иҟоу.