АҞӘА, ԥхынҷкәын 18– Sputnik. Ирыдыркылаз адокумент Урыстәыла атәылауаҩра аиура армариоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума асаит.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума ахԥатәи аԥхьарала иаднакылеит "Атәылауаҩразы" азакәан, ԥхынҷкәын 18 рзы имҩаԥысыз апленартә еилатәараҿы.
Азакәан Урыстәыла ахада алшара инаҭоит ирмариоу авариант ала атәылауаҩра зҭатәу аҳәаанырцәтәи атәылауаа ркатегориақәа рышьақәыргылара. Уи иалнаршоит ауаажәларра-политикатәи аекономикатә ҭагылазаашьа уадаҩ ахьыҟоу, бџьаршьҭыхла аимак ахьымҩаԥысуа, ма аполитикатә режим аҽахьаԥсахуа атәылақәа рҟынтәи ауаа Урыстәыла атәылауаҩра еиҳа ирмарианы рыҭара. Аҳәынҭқарратә думаҿ иазгәарҭеит адокумент аиҳарак иззынархоу Украина атәылауаа рыцхраара шакәу.
Аҳәынҭқарратә дума ахантәаҩы Виачеслав Володин иазгәеиҭеит "Атәылауаҩраз" азакәан ариашарақәа Украинатәи ацџьынџьуаа рзы ишхәарҭахо.
"Миллионла ауааԥсыра Пиотр Порошенко иполитикатә авантиуризм шасыс иҟанаҵеит", — ҳәа иҳәеит Володин.
Азакәан аусура иалагоит иара официалла ианыркьыԥхь ашьҭахь 90 мшы ҵуаны.