Керчтәи аӡыбжьахала аҳауатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны аӷбақәа рҭалара аанкылоуп

"Росморречфлот" адыррақәа рыла, Керчтәи аӡыбжьахала аҳауатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны аӷбақәа рҭалара аанкылоуп, иазгәаҭоуп макьаназы зыԥхьагәаҭарак шыҟам иара аусура ахацыркразы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 — Sputnik. Ԥхынҷкәын 16 инаркны Керчтәи аӡыбжьахала аҳауатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны аӷбақәа рҭалара аанкылоуп ҳәа аанацҳаит РИА Новости аҩаша, ԥхынҷкәын 18 рзы, амшынтәи аӡытәи транспорт Афедералтә усбарҭа апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иганы.

"Ԥхынҷкәын жәаф ашьыжь асааҭ фба инаркны Керчтәи аӡыбжьахала (Керч-Еникалтәи аҭҳәааи, Тамантәи аӷбаныҟәарҭеи, Керчтәи аԥани) аҳауатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны аӷбақәа рҭалара аанкылоуп. Аԥшаӷьыра метрак ала 10-15 метра инаӡоит", — ҳәа аҳәоит адырраҭара.

"Росморречфлот" адыррақәа рыла, Керчтәи аӡыбжьахалаҿ аӷбақәа рҭалараз макьаназы зыԥхьагәаҭарак рзыҟаҵом.