Уаанӡатәи Шәача ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ шықәсык иқәырҵеит

Уаанӡатәи Шәача ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Иури Паламарчук шықәсык ҭакрала ихыгара иқәырҵеит изинмчқәа дахьырхыҳәҳәоз азы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19— Sputnik. Аӡбарҭа аӡбрала уаанӡатәи Шәача ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Иури Паламарчук шықәсык ҭакрала ихыгара иқәырҵеит изинмчқәа дахьырхыҳәҳәоз азы ҳәа аанацҳауеит "Российская газета".

Ачынуаҩ идырҵаз ахара дақәшаҳаҭхеит.

Паламарчук иаанкылара адҳәалоуп иара адиректорцәа рхеилак ахадас дахьыҟаз ақалақь арыцқьараз аиҿкаараҿ иҟалаз аилагарақәа ирхырҟьаны. Аӡбарҭа адыррақәа рыла акционертә еилазаара акридитортә уал шақәыз шидыруазгьы Паламарчук амаҵзурақәа рымҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра инапы рыцаҵеиҩит. Убри аан амаҵзурақәа рыхәԥса акыр ирҳаракын.

Ачынуаҩ даанкылан мшаԥымзазы. Инапынҵақәа рҟынтәгьы ихы дақәиҭтәын.

Шәача ақалақь ахадараҿы сынтәатәи ашықәс азы иаанкылан имаҷҩымкәа ачынуаа. Дара реиҳараҩык аргыларақәа рымҩаԥгараан рнапынҵақәа ирхыҳәҳәаны азинмчрақәа нарыгӡеит.