Visa аҭел аномер ала аԥара хсаалак аҟынтәи аҽа хсаалак ахь аиагаразы амаҵзура алагалоуп

Жәларбжьаратәи ашәаратә система Visa аԥара ззынарышьҭуа иҭел аномер ала аԥара хсаалак аҟынтәи аҽа хсаалак ахь аиагаразы амаҵзура аусура иаланаргоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 — Sputnik. Жәларбжьаратәи ашәаратә система Visa аусурақәа мҩаԥнагоит аԥара ззынарышьҭуа иҭел аномер ала аԥара хсаалак аҟынтәи аҽа хсаалак ахь аиагаразы амаҵзура аиҿкааразы ҳәа аанацҳауеит агазеҭ "Ведомости".

Урыстәыла иҟоу Visa адиректор хада Екатерина Петелина лажәаәқа рыла аԥарақәа риагара апрограмма ҿыц иалахәуп: урыстәылатәи абанкқәа ԥшьба – ВТБ, "Русский стандарт", "Хоум кредит", Тинькофф.

Аиагара апрограмма иадҳәалахар алшоит асистема Visa ахсаалақәа реиԥш егьырҭ ашәаратә системақәагьы.

"Ахархәаҩцәа азхәыцуам аԥара ззынарышьҭуа иарбан жәларбжьаратә шәаратә системоу ихы иаирхәо. Дара ирдырырц иахәҭо иҭел аномер заҵәык ауп" ҳәа иҳәоит "Хоум Кредит", 0 адебиттә хсаалақәеи апрограммақәеи Русбарҭа аиҳабы Георги Сорокин.

Visa адыррақәа рыла Урыстәыла адунеи аҟны зегь раасҭа хсаалак аҟынтәи аҽа хсаалак ахь аԥара ахьиарго тәылоуп.