Гогәуаԥҳа "Ассир ҳамҭас" азы: ахәыҷқәа рысалам шәҟәқәа сгәы сдырхьуеит
© Sputnik
"Акциа алагеит ԥхынҷкәын акы инаркны. Аҭаацәарақәа ҳарзасны еилаҳкаауан ахәыҷқәа рыхьӡ, рыжәла. Уи ашьҭахь Аҵаа Бабаду ихьӡала асалам шәҟәқәа аиҿкаара "Кьараз" ахь иаҳзааргон. Ԥҳынҷкәын жәаба инаркны иахьанӡа ахәыҷқәа ргәаҳәарақәа зныз асалам шәҟәқәа ауаа ааны иргоит, уаҟа иану рзаархәоит", -лҳәеит Гогәуаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду иахь ирыҩуа асалам шәҟәқәа лгәы шылдырхьуа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.