Арадио

Карчаа дырзааҭгылеит аԥкьаҭымпыл маҷ азы аклубтә чемпионат алҵшәақәа

Аԥсны аԥкьаҭымпыл маҷ афедерациа ахада Беслан Карчаа арадио Sputnik аҟны астолтә бкьаҭымпыл азы аклубтә чемпионат алҵшәақәа дырзааҭгылеит.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Карчаа астолтә бкьаҭымпыл азы аклубтә чемпионат атәы

"Ачемпионат ԥшь-еикәшарак мҩаԥаагеит: Аҟәа, Тҟәарчал, Гагра. Аҵыхәтәантәи аиԥылара Аҟәа еиҿкаан. Ахыркәшаратә хәмарраҟны командак зымнеит, егьыс 7-8 команда еикәшарацыԥхьаӡа иалахәын. Аклубтә чемпионат аҟны қәрала еилых ыҟаӡам. Жәаҩа шықәса инаркны ахәмаррақәа рхы рыладырхәыр рылшоит. Зегьы иреиҳабу аҳамҭа зауз 86 шықәса ихыҵуеит. Ашықәс иалагӡаны акомандатә хәмаррақәа рҟны актәи аҭыԥ ааннакылеит Аҟәатәи еизгоу акоманда, аҩбатәи — Ауараштә зауад ахьӡала ихәмаруаз акоманда, ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит Тҟәарчалаа. Хаҭалатәи ахәмарраҟны маха-шьахала зылшарақәа ԥку рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Ҷан-оглы Џьан, иара убас ашықәсан иреиӷьу ахәмарҩы ҳәа далкаан. Убас ахацәа рыбжьара ашықәсан ихы шааирԥшыз азгәаҭаны аԥхьатәи аҭыԥ ианашьан Роман Карчаа, аӡӷабцәа рыбжьара Ҳанифа Воуԥҳа", — иҳәеит Карчаа.