ЕАШ атәылахьчара аминистр адҵа ҟаиҵеит америкатәи ар Шьамтәыла алгаразы

Ԥхынҷкәын зеижә рзы Америка ахада Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит Шьамтәылан ИГИЛ иаиааиуп, убри азы америкатәи ар рмиссиагьы хыркәшатәуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 — Sputnik. ЕАШ атәылахьчара аминистр Џьеимс Меттис адҵа инапы аҵаиҩит америкатәи ар Шьамтәылатәи ареспублика ралгаразы ҳәа аанацҳаит РИА Новости, Fox News адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ҭырқәтәыла Шьамтәылатәи аҳәаахь ар еиҭананашьҭит

Ԥхынҷкәын зеижә рзы Америка ахада Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит Шьамтәылан ИГИЛ иаиааиуп, убри азы америкатәи ар рмиссиагьы хыркәшатәуп ҳәа.

Иара убри аан иазгәеиҭеит америкатәи ар ара рыҟазаара иахықәкыз ИГИЛ раиааира шакәыз.

Абри ашьҭахь Џьеимс Меттис Пентагон анапхгараҟны инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Иара алаҳәара ҟаиҵеит атәыла ахадеи иареи аилибамкаарақәа шрымоу азы.

Амҽыша Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит ажьырныҳәа 1, 2019 шықәса инаркны атәылахьчара аминистр инапынҵақәа рынагӡара дшалаго Пентагон ахада ихаҭыԥуаҩ Патрик Шанахан.