Макрон: Франциа ар мрагыларатәи Адгьылбжьарамшын иахьаԥну ишыҟац иаанхоит

Франциа ахада Еммануель Макрон ЕАШ ар Шьамтәыла ралгара ахҳәаа аҭо иҳәеит "Шьамтәылатәи адемократиатә мчрақәа" рҿаԥхьа акоалициа ауал шаду рхадмыршҭларц.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 – Sputnik. Франциа ахада Еммануель Макрон Еиду Америкатә штатқә рыр Шьамтәыла ралгара ахҳәаа аиҭеит. Убри аан иара иазгәеиҭеит: Франциа арратә мчрақәа мрагыларатәи Адгьылбжьарамшын аҟны рыҟазаара шыҟац иаанхоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Франциа архәҭақәа Леванте иҟоуп", — иҳәеит Макрон.

Ҭырқәтәыла Шьамтәылатәи аҳәаахь ар еиҭананашьҭит

Макрон иажәақәа рыла, ЕАШ зхадараҿы иҟоу жәларбжьаратәи акоалициа Шьамтәыла иҟан "Шьамтәылатәи адемократиатә мчрақәа" (SDF) аҳәарала. Убри азы ааԥхьара ҟасҵоит абри аӡәгьы ихаимыршҭырц ҳәа иҳәеит иара.

Макрон иара убасгьы иазгәеиҭеит аоперациа "Бархан", Сахель арегион аҿы, ԥхьаҟагьы иацҵахоит ҳәа.

Франциа Сахелеи Сахареи рҟны аоперациа "Бархан" мҩаԥнагоит. Аоперациа хықәкны иамоуп африкатә регион Сахель аҿы аҭынчра аиҿкаареи атерроризм иаҿагылан ақәԥареи. 2013 шықәса раахыс Франциа уахь инанашьҭхьеит 4 нызқьҩык рҟынӡа аруаа.