Урыстәыла аминистрцәа реилазаара абџьар аҵәахра анормақәа арӷәӷәеит

Урыстәыла аминистрцәа реилазаара иаднакылаз адокумент азынархоуп ауаажәларратә шәарҭадара аиҿкаара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 — Sputnik. Урыстәыла аминистрцәа реилазаара иаднакылаз адокумент инақәыршәаны абџьар, апатронақәа змоу ахаҿқәа ируалԥшьоуп асеифқәа рҿы ацаԥха аркны рыҵәахра. Ақәҵара атекст азинтә информациа апортал аҿы икьыԥхьуп.

Адокумент абџьареикәыршара аԥҟарра апункт 59 актәи абзац ханарҭәаауеит.

Абасала Урыстәыла атәылауаа, абџьар аныҟәгара азин змоу, рабџьар, рпатронақәа, ахи-ахәшәи иахьынхо аҭыԥ аҿы асеифқәа ирҭаҵаны ацаԥха аркны ирҵәахрал ауп. Асеифқәа аматериал ҷыда иалхзароуп ма аихалых бӷьыц акәыршазароуп.

Абџьар зхатәу атәымуааи ахәыҷқәеи абџьар ралакьысра алдмыршароуп.

Абарҭ аԥсахрақәа алагалахоит "Абџьар азы" азакәан.