Арадио

Ашәба: аԥсуаа рзы ихадараз аныҳәара акәын, аҵәцақәа рхыԥхьаӡара акәымкәа

Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор, афольклорист Арда Ашәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ажәытәан аԥсуаа арыжәтә ишазыҟаз.
Sputnik
Ашәба: аԥсуаа рзы ихадараз аныҳәара акәын, аҵәцақәа рхыԥхьаӡара акәымкәа

"Ҩнаҭацыԥхьаӡа аишәа рхианы, гәырӷьарыла ихысны инаскьаргоит ажәытә ашықәс, ацәгьара зегьы иара иаманы ицааит, аԥхьаҟа аамҭа бзиа ҳзаиааит ҳәа. Хамԥада, еиҭанеиааиуеит, афатә ажәтә рацәоуп, ихадароу - аиқәныҳәароуп. Асас ҵәыцак ала аԥшәмеи, аҩнаҭеи дрықәныҳәоит. Аԥсуаа ҳҟны аҵәца ацәашьы иаҩызоуп, аныҳәароуп изызку. Ауаҩы дыбӷаӷо, ижәны, ииҳәаша изымдыруа, ус ахымҩаԥгара аԥсуаа иаҳтәым. Иџьбароу арыжәтә ыжәны ауаҩы сибар ацкьыс сыԥсыр еиҳа еиӷьуп, абас ҳәа акәын аԥсуаа арыжәтә ишазыҟаз", - ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.      

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.