Аԥснытәи "адрифтерцәа" шәачатәи аполициа иааныркылеит

Аԥснытәи "адрифтерцәа" шәачатәи аполициа иааныркылеит, урҭ ахьыҟаз аилкаараз аполициа аусзуҩцәа уахыки-ҽнаки рызхеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Шәача ақалақь, Аолимпиатә парк аҿы ачаратә кортеж иалахәыз автомашьынақәа аиԥхныҩлара ҟарҵеит. Дара уажәы изусҭцәаз еикааны иаанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Шәача ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа апресс-маҵзура.

Рхаҭара шьақәыргылоуп 19-шықәсе 20-шықәсеи зхыҵуа Аԥсны атәылауаа. Арҭ ахаҿқәа рганахь ала административтә ԥкаанҵақәа еиҿкаауп амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы.

Аԥкаанҵақәа аӡбарҭахь инашьҭуп. Азакәан еилагаҩцәа ахараԥса рықәҵахоит мамзаргьы ԥшьымз инаркны фымз рҟынӡа аныҟәараз азин рымххоит.