Арадио

Қәҭелиа еиҭеиҳәеит Кремльтәи аԥсаӡ ахь ицаз ахәыҷқәа шалԥшаахаз

Арадио Sputnik аефир аҿы атәыла аҵареи аҭҵаарадырреи аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Аслан Қәҭелиа еиҭеиҳәеит Аԥснынтә Кремльтәи аԥсаӡ ахь ааԥхьара змоу ахәыҷқәа Москва ирзыԥшу аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ртәы.
Sputnik
Қәҭелиа еиҭеиҳәеит Кремльтәи аԥсаӡ ахь ицаз ахәыҷқәа шалԥшаахаз

"Раионцыԥхьаӡа иҳамоу аусбарҭақәа реиҳабацәа дҵас ирыман ахәыҷқәа рсиақәа аиқәыршәара. Аԥснынтә Кремльтәи аԥсаӡ ахь ицеит ашықәс иалагӡаны аҵареи аспорти рҿы зҽалызкааз, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәа рҟынтә ахәыҷқәа. Москваҟа ицеит 4-8-тәи аклассқәа рҟны аҵара зҵо ахәыҷқәа. Есышықәса ҳҽазаҳшәоит Аԥсны араионқәа зегьы рҟнытә ахәыҷқәа алахәхартә еиԥш. Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылагоит ԥхынҷкәын 25 рзы, ҩымш ирылагӡаны ахәыҷқәа ирбараны иҟоуп акыр иҭбаау апрограмма", - ҳәа азгәеиҭеит Қәҭелиа.  

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.