Конџьариаԥҳа еиҭалҳәеит аԥсшьарамшқәа раан ахәыҷқәа раамҭа шырхырго атәы
© Sputnik
"Ҳҵаҩцәа анауҳашьҭуа ираҳҭоит акласснҭыҵтәи аԥхьара. Зегьы иаԥхьан иаауеит ҳәа сзыҳәом, аха абжеиҳараҩык адҵа нарыгӡоит. Сара схаангьы ашкол ҳанаурышьҭуаз ашәҟәқәа срыԥхьон, сҭаацәа срыцны сасра ҳцон, аангылара ҳәа ақыҭахь ҳанырышьҭуазгьы ыҟан. Ақыҭаҿы ауп аԥсуа ҵасқәа ахьызбаз, иахьысҵоз. Усҟан аамҭа даҽакын, иахьа еиԥш ҳааидтәаларгьы, ҳтелефонқәа ҳнапаҟны икны ҳхы нақәырԥс ҳтәомызт", - ҳәа азгәалҭеит Конџьариаԥҳа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.