Арадио

Џьапуа: ахҭарԥа аҿаҳәашьала еилыукаауан аԥсуа иҭагылазаашьа, ихықәкы

Аԥсуаа рцәамаҭәаҿы ахҭарԥа иамоу аҵакыи, аҿаҳәашьа иацу акәамаҵамарақәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа.
Sputnik
Џьапуа: ахҭарԥа аҿаҳәашьала еилыукаауан аԥсуа иҭагылазаашьа, ихықәкы

"Ахҭарԥақәа рыхкқәа даара ирацәоуп, дара зегьы рхатәы ҵакы рымоуп. Аԥсуа культура аганахьала иахәаԥшуазар, ахҭарԥа шҿаҳәоу ала еилыукаар алшон ауаҩы иҭагылазаашьа. Ахҭарԥа аҿаҳәашьа аҭҵаараҿы иҳахәеит ажәытә фотоқәа, уажәазы еилкааны иҳамоуп жәаҩа ҿаҳәашьа", - ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа. 

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.