Џьынџьалԥҳа: ашықәс алагамҭа ҳшаршәазгьы, анҵәамҭазы ҳусура алҵшәа шыбзиоу ҳнарбеит
© Sputnik
"Иҳаҩсуа ашықәс азы аусура еиҳа ицәгьан, актәи аихшьаала аныҟаҳҵоз иаҳнарбеит агәыҳалалратә акциақәа ауаа активла рхы шаладмырхәуа атәы. Уи даара ҳаршәеит. Анаҩс ҳусура алҵшәа еиҳа еиӷьхеит, ашықәса анҵәамҭазы ахәыҷқәа рыхәшәтәразы еизгахаз аԥара 6 миллионк еиҳахеит. Афонд ацхыраара иаҳәаз ахәыҷқәа даара ирацәан, зегьы ҳзырмыцхрааит, аха 26-ҩык ахәыҷқәа рыхәшәтәразы ашықәс иалагзаны аԥара еизган", - ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.