Арадио

Аҩӡба: Аԥсны иҭрыжьуа ашампан ҩы ахаҭабзиара шыҳараку гәарҭеит Урыстәыла

Аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аҩыҟаҵаҩ хада Валери Аҩӡба арадио Sputnik аҟны иҳәеит азауад аҟны иҭрыжьуа ашампан ҩы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ахыԥхьаӡара акыр иазҳаит ҳәа.
Sputnik
Аҩӡба: Аԥсны иҭрыжьуа ашампан ҩы ахаҭабзиара шыҳараку гәарҭеит Урыстәыла

"Аныҳәа дуқәа раан ашампан ҩы иаҳа ирацәаны иаархәоит. Ашықәс ҿыц аныҳәа аишәа иахәҭакхеит шьҭа. Сынтәа имаҷымкәа иҭҳажьит ашампан ҩы. 2017 шықәсазы 500 нызқь ԥаҭлыка ҳҭиит Урыстәылаҟа, сынтәа иҭҳажьит, иаҳҭиит Аԥсны аҩныҵаҟа еиԥш анҭыҵгьы миллионки ҩышә нызқь ԥаҭлыка. Акультура иаҳа иазҳауа иалагеит, еиӷьхо. Сара 54 шықәса ҵуеит аус суеижьҭеи аҩыҟаҵара агаанахьала, уаанӡа асовет аамҭақәа рзы иаҳа апортвеин рацәаны ицон, ауаҭка, ажәакала,  иаҳа иџьбараз арыжәтәқәа. Уажәы уиаҟара иџьбарам аҩқәа ҳҭииуеит. Иаагозар, "Лыхны", "Ԥсоу", "Аԥсны"- аҩ ҭынқәа ҳәа ҳзышьҭоу. Ашампан ҩгьы иаҳа ирацәаны иаҳҭиуа ҳалагеит. Ҳаԥыхьаҟа азы Урыстәылантәи аҿаҵатәы ҳамоуп миллионки аашә нызқь ԥаҭлыка. Уи даара ирацәоуп ҳара ҳзы, ҳагьарӷәырӷьоит. Ҳшампан ҩы ахаҭабзиара гәарҭеит Урыстәылан, еиуеиԥшым аицлабрақәа рҟны атәи аҭыԥ аанаҳкылахьеит", - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Ажәабжь инарҭбаан шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.